Андреи Сибига – Алабҿабара ишаҳнарбаз ала что, «Анкориџь аҧсы», ҧаса иҟазаргьы, уажәы, иҵабыргны, иҧсхьеит
Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Андре Сибига Урыстәыла аҳәамҭа иақәҿиҭит. Ари аҳәамҭа ишану ала, Моква агәынамӡара аадырҧшуеит Америка «Анкориџь аҧсы» аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра мап ахьацәнакыз амшала.
Сибига ишазгәеиҭаз ала, ари атема алацәажәара мацара ацынхәрас, Урыстәыла ареалтә аиҿцәажәарақәеи аибашьра аҟәыҵразы иҟоу алшарақәеи ирызхәыцроуп.
Украинатәи аминистр ишиҳәаз ала, Урыстәыла мацароуп издыруа Урыстәылеи Америкеи рлидерцәа Алиаска ианыҟаз излацәажәоз аиқәшаҳаҭра иаанаго.
«Алабҿабара ишаҳнарбаз ала, ҧаса Анкориџь аҧсы иҟазаргьы, уажәы уи, иҵабыргны, иҧсхьеит. Урыстәыла аҧышәа бзиа аиуит – Украина аҽалархәрада излацәажәо иарбанзаалак аҭынчратә план изакәызаалак алҵшәак ахылҵуам.
Москва украниатәи ажәалагалақәа ирыхәаҧшны, аибашьра аҟәыҵразы аиҿцәажәара иалагароуп. Путин алабҿабара азхаҵара иҭахымхар, аибашаьраҿы ихықәкқәа шизынаимгӡо изеилымкаар, Урыстәыла аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахоит», — иҳәеит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр.