Қырҭтәыла жәлар рыхьчаҩ  -  Хара имгакәа Саакашвили иус азы амедицинатә аҳасабырба цәыраагоит
Қырҭтәыла жәлар рыхьчаҩ  -  Хара имгакәа Саакашвили иус азы амедицинатә аҳасабырба цәыраагоит

Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Нино Ломџьариа Гортәи арратә госпиталь аҿы Михаил Саакашвили дылбеит, лара илыцын лыҧшьгарала  еиҿкааз амедицинатә гәыҧ иалахәы аҳақьымцәа.  Ломџьариа ишылҳәаз ала, Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа еилкаахот аҳақьымцәа ирымоу аинформациа зегьы аихшьаала аназырулак.

«Ишсарҳәаз ала, еиҕьхаз апараметрқәа иҟоуп, аха, еицәахазгьы иҟоуп. Абри аинформациа зегьы еизганы, аихшьаала азутәуп. Апсихотроптә препаратқәа имцхәны ирылацәажәоит. Абри азҵаара усҟак алацәажәара аҭахым ҳәа сгәы иаанагоит. Инеизакны иҭагылазаашьа ахәшьара аҭатәуп. Хара имгакәа аҳасабырба цәыраагап ҳәа сгәыҕуеит», — илҳәеит Ломџьариа.