Жәлар рыхьчаҩ – Атәыла ахадеи сареи гәаартыла ҳаицәажәеит
Жәлар рыхьчаҩ – Атәыла ахадеи сареи гәаартыла ҳаицәажәеит

Жәлар рыхьчаҩ Нино Ломџьариа лҳәамҭала, атәыла ахада Саломе Зурабишвилии лареи реиҧылара ашәқәа ркны имҩаҧган, дара зҵакы дуу азҵаарақәа зегьы ирылацәажәеит.

«Ҳара ҳамацара ҳакәын аиҧылараҿы иҟаз, гәаартыла ҳаицәажәеит. Сара атәыла ахада лгәаанагара сызшәаҳәом. Иааиуа амшқәа рзы лара лхаҭа аҳәамҭа ҟалҵар ҟалап. Ҳара ҧхынгәы 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа ҳрылацәажәеит.  Леқсо Лашкарава иҧсреи абри аҩыза амчылратә гәыҧқәеи аиҿкаарақәеи атәыла иазаарго аҧырхагеи ҳалацәажәеит. Зҵаарақәак рзы ҳаилеибикааит ҳәа сгәы иаанагоит. Лара абарҭ ахҭысқәа ахәшьара иаша рылҭеит. Сара иаартны иласҳәеит иахьазы атәыла ахада лпозициа аҵакы ду шамоу, ауаажәларра рҟны иаҳа аимадара лымазарц лыбжьазгеит. Иаҳа ирацәаны аҳәамҭақәа ҟалҵалароуп, уи адемократиатә принципқәеи ауаҩытәыҩса изинқәеи рыхьчара иацхраауеит», — илҳәеит Нино Ломџьариа.