Саломе Зурабишвили – Абахҭақәа рҿы амчылареи абаандаҩцәа гәымбылџьбарала рызныҟәареи амшалоуп ҧасатәи арежим аҵыхәа зыҧҵәаз
Саломе Зурабишвили – Абахҭақәа рҿы амчылареи абаандаҩцәа гәымбылџьбарала рызныҟәареи амшалоуп ҧасатәи арежим аҵыхәа зыҧҵәаз

«Абахҭақәа рҿы амчылареи абаандаҩцәа гәымбылџьбарала рызныҟәареи амшалоуп ҧасатәи арежим аҵыхәа зыҧҵәаз. Абри зегьы азы аҭакҧхықәра агара рықәшәоит  адҵақәа ҟазҵогьы иназыгӡогьы», — илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили иахьатәи абрифинг аҿы.

Зурабишвили лажәақәа рыла, атәылаҿ аусхкқәа зегьы рҿы азакәандара аҳра амоуп.

Лара абахҭаҿ аахақәа зауз Гьаргь Бачиашвили идҳәалоу афакт дахцәажәеит.

«Уи Қырҭтәылам, ақырҭуа традициам, ҳара ашәышықәсақәа рацәа ирылагӡаны ишьақәҳаргылоз аиашаӡбара акәӡам. Уажәы даҽа режимк иҟоуп, даҽа тәылакаҿ ҳанхоит, уи ҳҽанраалараны ҳаҟам.  Ажәлар зегьы абри алабҿабара рбароуп, иҟоу рбароуп, избанзар иахьеи уаҵәи абри зегьы ҳазынтәгьы иҳадкьыслоит», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.