Саломе Зурабишвили – Қырҭтәыла х-кризиск ирҭагылоуп, адемократиа аҧсыҽхара иаҿуп, асуверинитет Урыстәыла анапахьы ииасуеит, агеополитикиатә ганахьала Европа ҳацәыхарахоит, Урыстәылеи Китаии рахь ҳхы рхоуп, абри зегьы аанызкылаша аӡәгьы дҟамлеит
Саломе Зурабишвили – Қырҭтәыла х-кризиск ирҭагылоуп, адемократиа аҧсыҽхара иаҿуп, асуверинитет Урыстәыла анапахьы ииасуеит, агеополитикиатә ганахьала Европа ҳацәыхарахоит, Урыстәылеи Китаии рахь ҳхы рхоуп, абри зегьы аанызкылаша аӡәгьы дҟамлеит

«Қырҭтәыла х-кризиск ирҭагылоуп, адемократиа аҧсыҽхара иаҿуп, асуверинитет Урыстәыла анапахьы ииасуеит, агеополиткиатә ганахьала Европа ҳацәыхарахоит, Урыстәылеи Китаии рахь ҳхы рхоуп, абри зегьы аанызкылаша аӡәгьы дҟамлеит», — илҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили асоциалтә аҳа Х аҿы.

Зурабишвили ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла европатәи ахырхарҭа аҭоурыхтә ҵакы амоуп, ари амҩа аилагара аилаҩынтәра ахылҵуеит.

«60ҩык иқәыҧшу активистцәа абахҭа иҭакуп. Аҧхынраз иаҳа ирацәаны ауаа иҭаркыр ҟалап, аполитикатә репрессиақәа иаҳа иҕәҕәахоит. Уи аҩныҵҟатәи акризис мацара акәӡам, уи урыстәылатәи астратегиа хәҭак ауп, дара ҳтәыла евроатлантикатә структурақәа ирылалар рҭахым, агибридтә тактика рхы иадырхәоит.

Анапхгаратә партиа, Евроеидгылахь зхы рхоу амҩа ианыҵны,  Урыстәылеи, Китаии, Ирани рҟны аимадарақәа дырҕәҕәоит, аенергетикатәи аекономикатәи хьыҧшызаара дырҕәҕәоит, абри зегьы Амшын еиқәа ашәарҭадара иаҧырхагоуп. Қырҭтәыла х-кризиск ирҭагылоуп, адемократиа аҧсыҽхара иаҿуп, асуверинитет Урыстәыла анапахьы ииасуеит, агеополитикатә ганахьала Европа ҳацәыхарахоит, Урыстәылеи Китаии рахь ҳхы рхоуп, абри зегьы аанызкылаша аӡәгьы дҟамлеит», — илҩит Зурабишвили.