Саломе Зурабишвили – Абарҭ алхрақәа рҽалархәра зыӡбаз срықәшаҳаҭым, аоппозициаа реиҟәшара ҟаломызт
Абарҭ алхрақәа рҽалархәра зыӡбаз срықәшаҳаҭым, аоппозициаа реиҟәшара ҟаломызт, – илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили ателееилахәырак аефираҿ.
Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, акзаароуп зегьы реиҳа ихадоу.
„Еснагь исҳәалон, иахьагьы еиҭасҳәоит акзаара ахьыҟоу зехьынџьара саргьы уаҟа сшыҟало. Убри аҟынтә, цәыббра 13еи жьҭаара 4еи рзы зеиҧшҟамлац акзаара иҟазароуп. Ҳуааҧсыра ахьыҟало, акзаара ахьыҟало зехьынџьара саргьы сҟалоит. Уажәтәи анапхгара аилаҩынтәра аиҿкаара алшара раҳамҭароуп. Насгьы, арҭ алхрақәа ирыдҳәаланы иҟалаз ҟалар сҭахымызт. Ҳара алхрақәа рылацәажәара ҳахәҭамызт, уажәтәи анапхгара хықәкыла ари атема ҳадарцалеит, ари азҵаарала аоппозициаа реиҟәшара ҟаломызт. Сара аполитикатә партиақәа зегьы уи расҳәахьеит. Алхрақәа рҽалархәра зыӡбаз срықәшаҳаҭым, избанзар, алхрақәа иҟам, акымзарак иҟам, алхрақәа иҟазшәа аадырҧшыр рҭахуп, аоппозициаа уи рхы аладырхәыр ҟаломызт. Акзаароуп зегьы реиҳа ихадоу“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.