Саломе Зурабишвили  - Ҳара алхрақәа рҽалархәразы акампаниа ҳҭахым, абоикотгьы ҳазыразым, ҳара аиасратә аиҳабыра еиҿызкаауа аҿагылара аплатформа арлахҿыхроуп иаҳҭаху
Саломе Зурабишвили  - Ҳара алхрақәа рҽалархәразы акампаниа ҳҭахым, абоикотгьы ҳазыразым, ҳара аиасратә аиҳабыра еиҿызкаауа аҿагылара аплатформа арлахҿыхроуп иаҳҭаху

Ари атәылаҿы аӡәы аҭыҧантәи алхрақәа мҩаҧгахоит ҳәа агәра игозар, дҩашьеит, алхрақәа иҟам, алхрақәа ртема мацароуп иҟоу,  „Ақырҭуа гәахәтәы“ роуп ари атема иқәзыргыло, – илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили.

Лара лгәаанагарала,  „Ақырҭуа гәахәтәы“ абри атема рхы иархәаны,  ирҭахыз алҵшәа роуит  – аоппозициаа еиҿадыргылеит.

«Сара агәра ганы сыҟоуп арҭ алхрақәа шымҩаҧымсуа, уажәтәи анапхгара алхрақәа ирызку ахыҭҳәаа аҵыхәанӡа инаргом, аха, уаанӡа аоппозициа еиҟәшеит, апротест ҧсыҽхеит. Акзаароуп ҳара мчыс иҳамоу. Егьи аганахьала, абоикот иазку акампаниагьы аҵакы амам. Абоикот аиааира анахылҵ  ҿырҧштәыкгьы иҟам», — илҳәеит Зурабишвили.

Лара лгәаанагарала, уажәтәи аҭагылазаашьаҿы алхрақәагьы абоикотгьы рҧаршеира ҟалоит, избанзар,  «ауаа рыршәареи, рықәмақарреи, аҧара дуи рыбзоурала ауаа алхрақәа рахь рнагара ҟалоит, нас, арежим аиааира ргазшәа аарыцҳауеит».

Зурабишвили ишылҳәаз ала,  апротест арҕәҕәароуп аоппозициаа ҳықәкыс ирымазааша.

«Убри азыҳәан, аҿагылара аплатформа ҳарҕәҕароуп. Ари аплатформа аиасратә аиҳабыра еиқәнаршәароуп, избанзар авакуум аӡәгьы бзиа ибом. Ҳуааҧсыра игәамҵуеит, избанзар, уажәтәи анапхгара ракәымзар, уаҳа альтернативак рбом. Абри азҵаароуп еснагь изыргәамҵуа.  Ҳара ари азҵаара аҭак аҭара иаҳуалуп, ҳуааҧсырагьы, жәларбжьаратәи ауаажәларрагьы идҳарбароуп арежим анкаҳалак урҭ рцынхәрас иҟало. Ҳара ҳауп уи зыӡбаша, аполитикцәа раасҭа иаҳа атехникатә специалистцәа. Ақәҿиара ҳаур ҳҭахызар, абри зегьы хымҧада иҟаҵатәуп. Ахҧатәи аҳәара  — ауснагӡатәқәа рплан, апрограмма, уи  «Ақырҭуа хартиа» ауп, уи хымҧада ирҿыцтәуп», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.