Молдоватәи ареспублика аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиуразы азҵаабҕьыц хадырҭәааит
Молдоватәи ареспублика аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиуразы азҵаабҕьыц хадырҭәааит

Молдоватәи ареспублика аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиуразы азҵаабҕьыц хадырҭәааит. Ари аинформациа аладырҵәеит молдоватәи АИХ.

Молдова ахада ладминистрациаҿы ихадырҭәааз азҵаабҕьыц Евроеидгыла аделегациа анапхгаҩы Ианис  Мажеикс ирҭеит.

Молдова ахада Маиа Санду ишылҳәаз ала,  атәылауаа евроинтеграциа апроцесс аҿы   алагала ду ҟарҵап ҳәа дгәыҕуеит.

Иара убас, Маиа Санду ишазгәалҭаз ала,  евроинтеграциа апроцесс иадҳәаланы Молдова акомиссиа ҷыда еиҿкаан.

«Ари акомиссиа Еввроеидгыла алаларазы Молдова аҽазыҟаҵара апроцесс иахылаҧшуеит. Ҳаҧхьаҟа аусура ду ҳзыҧшуп“, — илҳәеит  Санду.

Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы  Ианис Мажеикс ишазгәеиҭаз ала,  Молдова азҵаабҕьыц актәи ахәҭа ханарҭәааит 11 мшы рыла, уи алагьы иубарҭоуп Молдова европатәи аҭаацәара алалара ишахыццакуа. Уажәшьҭа Молдова азҵаабҕьыц аҩбатәи, иаҳа инарҭбаау ахәҭа аиуеит.