Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынәталоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили Казахстан аҧыза-министр Олжас Бектенов диҧылеит. Аекономика аминистрра адыррақәа рыла, аиҧылараҿы ҩ-ганктәи аусеицураҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа ирылацәажәеит.
«Аиҧылараҿы ҩ-ганктәи ахәаахәҭреи, атранспорти алогистикеи, аенергетикеи, атәылауаҩратә авиациеи, атуризми ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун Атранскаспиатә атранспорттә корридор аҵаки Абжьаратә корридор аҿиара иазку 2 тәылак рҽазышәарақәеи. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Абжьаратә корридор аҿиара иацхраауа аинфраструктуратә проектқәагьы ирылацәажәеит.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшараҿы адинамика бзиа иҟоуп.
Мариам Қвривишвили ишылҳәаз ала, Казахстан Қырҭтәылазы зҵакы дуу ахәаахәҭратә партниоруп.
Иара убас, аиҧылараҿы, Мариам Қвривишвили иаҵшьны иазгәалҭеит Абырфынтә мҩа Қарҭтәи афорум аҵакы, уи Қарҭ имҩаҧысуеит жьҭаара 22–23 рзы. Аминистр ишылҳәаз ала, казахстантәи аган ари афорум аҿы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны ахаҭарнакра амазаауеит ҳәа дгәыҕуеит.
Аиҧылара мҩаҧган Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Казахстантәи ареспубликаҿы лофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны.