Мариам Қвривишвили Шәамахьтәыла аекономика аминистр Геворг Папоиан диҧылеит
Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили Шәамахьтәыла аекономика аминистр Геворг Папоиан диҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа рыбжьара аекономикатә усеицура иаҵанакуа азҵаарақәа рацәа ирылацәажәеит.
Мариам Қвривишвили лҳәамҭала, Шәамахьтәыла Қырҭтәылазы зҵакы дуу ахәаахәҭра-економикатә партниоруп, аха аусеицура арҭбааразы иҵегьы имаҷымкәа аресурсқәа иҟоуп.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан абизнес гәыҧқәа реизааигәахара аҵакы. Аганқәа рхаҭарнакцәа хазхаҭалатәи асекторқәа рыбжьара аимадара арҕәҕәаразы еиқәшаҳаҭхеит.
Иара убас, аиҧылараҿы, атуристтә сектор аҿы аусеицура арҭбаара иазааҭгылеит.
Мариам Ҟвривишвили анапхгара ззылуа ақырҭуа делегациа иалоуп аминистр лхаҭыҧуаа Геннади Арвелаӡеи Ҭамар Иоселиании.