Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили визитла Китаиҟа ддәықәлеит, уаҟа Китаи анапхгареи аилахәыра дуқәа рнапхгаҩцәеи рҟны зҵакы дуу аиҧыларақәа мҩаҧылгоит. Аминистр аделегациа лыцуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Аекономика аминистрра апрессмаҵзура.
Дара рдыррақәа рыла, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Мариам Қвривишвили Китаи акоммерциа аминистри, ареформақәеи аҿиареи рзы акомитет ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩи дырҧылоит. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра аҧсахрақәа алагалара апротокол рнапы аҵарҩуеит.
Мариам Қвривишвили иналываргыланы, Пекин имҩаҧысуа аиҧыларақәа рхы рыладырхәоит аминистр лхаҭыҧуаа – Генади Арвелаӡеи Иракли Надареишвилии. Иара убас, аделегациа иалоуп Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра анефҭи агази аҳәынҭқарратә агентра адиректор Гьаргь Татишвилии агентра „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ“ анапхгаҩы Михаил Хидурелии.