Мариам Қвривишвилии Муҳамед Али Алаббари азеиҧш еилахәыра ашьаҭакра иазку аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии аилахәыра „Игл Ҳилс“ ашьаҭакҩы Муҳамед Али Алаббари азеиҧш еилахәыра ашьаҭакра иазку аинвестициатә аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, „Игл Ҳилс“ Қарҭи Гониои 6,6 миллиард адоллар иаҧсоу апроектқәа нанагӡоит.
Аекономика аминистрра адыррақәа рыла, анапаҵаҩра ацеремониа мҩаҧган Абырфынтә мҩа қарҭтәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны.
„Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Қырҭтәыла ари апроект апартниоруп, аилахәыра ҿыц 33% Қырҭтәыла иатәуп. Ари аинвестициа Қырҭтәыла аҭоурыхаҿ зеиҧшҟамлац ала идууп“, – иануп Аекономика аминистрра аинформациаҿы.