Мариам Қвривишвили - „Игл Ҳилси“ ҳареи аиқәшаҳаҭра анҳадаҳкылоз, Қырҭтәыла аиҳабыра, раҧхьа иргыланы, аҳәынҭқарратә интересқәа иазҧхьагәарҭеит
„Игл Ҳилси“ ҳареи аиқәшаҳаҭра анҳадаҳкылоз, Қырҭтәыла аиҳабыра, раҧхьа иргыланы, аҳәынҭқарратә интересқәа иазҧхьагәарҭеит, аҳәынҭқарра, изакәызаалак афинанстә ҭакҧхықәра ахы иаднамҵеит, афинанстә гарантиақәа раҳамҭеит“, – илҳәеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили.
Аминистр иажәақәа рыла, „ҧаса, Қырҭтәыла ииашамкәа еиқәыршәаз аиқәшаҳаҭрақәа рацәан, урҭ иреиун аинвестициатә аиқәшаҳаҭрақәагьы – усҟан аинвестор дуқәа рхатә ҭагылазаашьақәа ҳынагӡара ҳадарцалон“.
Мариам Қвривишвили ишазгәалҭаз ала, „Игл Ҳилс“ апроект ҽакалоуп ишыҟоу. Қырҭтәыла аиҳабыреи аинвестори ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭраҿы аҳәынҭқарратә интересқәа ихьчоуп.
Адевелопертә еилахәыра „Игл Ҳилс“ Қарҭи Гониои $6,5 миллиард адоллар еиҳаны иаҧсоу 2 проект нанагӡоит. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ари аилахәыра 33 наӡына Қырҭтәыла иатәуп.