Мариам Қвривишвили Лондон имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи амшынтә аиҿкаара  34-тәи асессиа лхы алалырхәоит
Мариам Қвривишвили Лондон имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи амшынтә аиҿкаара  34-тәи асессиа лхы алалырхәоит

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили Лондон имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи амшынтә аиҿкаара (IMO)  34-тәи асессиа лхы алалырхәоит. Ари атәы аарыцҳаит Аекономика аминистрра аҟынтәи.

Аминистрра адыррақәа рыла, Мариам Қвривишвили адунеи 150 иреиҳаны аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа ахьеизо аусмҩаҧгатә аҿы дықәгылоит. Лара Қырҭтәыла амшынтә усхкы аҿы иҟоу атенденциақәеи имҩаҧысуа ареформақәеи дрылацәажәоит.

«Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Мариам Қвривишвили  IMO амаӡаныҟәгаҩ хада  Арсенио Домингес диҧылоит, иара убас, Ассамблеиа иалахәы еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә лколлегацәа-аминистрцәа рҟны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧылгоит», — иануп Аекономика аминистрра аинформациаҿы.