Мариам Қвривишвили лхантәаҩрала, ахәаахәҭра-економикатә усеицура иазку  ақырҭуа-сербиатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа аҩбатәи аилатәара мҩаҧган

Сербиа аҳҭнықалақь Белград, Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии Сербиа адәныҟатәии аҩныҵҟатәии ахәаахәҭра аминистр Иагода Лазаревичи реицхантәаҩрала имҩаҧган  ахәаахәҭра-економикатә усеицура иазку  ақырҭуа-сербиатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа аҩбатәи аилатәара. Ари аинформациа аланарҵәеит Аекономика аминистрра.

Аминистрра адыррақәа рыла, лықәгылараан Мариам Қвривишвили атәылақәа рыбжьара ахаахәҭра-економикатә усеицураҿы адинамика бзиа аҵаки еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицуразы иҟоу апотенциали далацәажәеит.

«Ҳусеицура адинамика бзиоуп, аха, ари аганахьала иҟоу апотенциал ду инагӡаны ахархәара амам, наҟ-наҟ аекономикатә аимадарақәа иаҳа рырҭбааразы активла аусура наҳагӡароуп», — илҳәеит Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа аҩбатәи аилатәара аартра рхы аладырхәит Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр лхаҭыҧуаа Генади Арвелаӡеи Иракли Надареишвилии, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Илиа Шамугиеи, Бырзентәылеи Сербиеи иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Леван Бериӡеи.