Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили Америка Аҳәынҭқарратә департамент аделегациа алахәылацәа дырҧылеит.
Аминистрра адыррақәа рыл, аиҧылараҿы ақырҭуа аган даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҽеиреи астратегиатә партниорра аиҭашьақәыргылареи ишазыхиоу.
«Аганқәа рхаҭарнакцәа аекономикатә усеицураҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа ирылацәажәеит, атранспорти, алогистикеи, аенергетикеигьы уахь иналаҵаны.
Иаҵшьны иазгәаҭан Абжьаратә корридори арегионалтә аимадареи рҿы Қырҭтәыла инанагӡо ароль. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан Америка Абжьаратә корридор аҿиара ишазҿлымҳау. Хшыҩзышьҭра рызун Америка Қырҭтәыла иаланаҵаз инвестициақәа, Ҧуҭ абаҕәаза ҿыц апроектгьы (PACE) уахь иналаҵаны. Ари апроект нарыгӡоит Америка жәларбжьаратәи аҿиара афинанстә корпорациа (DFC) ацхыраарала.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, адиалог амҩаҧгара ҩ-тәылак рыбжьара астратегиатә партниоррра аиҭашьақәыргылара апроцесс ибзианы ианыҧшуеит», — иануп аинформациаҿы.