Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили визитла Шәамахьтәылаҟа ддәықәлеит.
Аминистрра адыррақәа рыла, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Мариам Қвривишвили Шәамахьтәыла авице-аҧыза Тигран Хачатриани, аекономика аминистр Геворг Папоиани, аинфраструктура аминистр Давид Худатиани дырҧылоит.
«Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рхәаахәҭра-економикатә аимадарақәа рырҭбаара иалацәажәоит», — иануп аминистрра аинформациаҿы.