Тата Хведелиани – Аоппозициаагьы аиҳабырагьы иахьа Бриуссель имҩаҧысуа аиҧылара рыхӡыргаразы рхы иадырхәоит, ари аиҧылара атехникатә ҟазшьа амоуп, адипломатиатә паспортқәа ирыдҳәаланы аӡбара адкылара иазкуп

Аоппозициаагьы аиҳабырагьы иахьа Бриуссель имҩаҧысуа аиҧылара рыхӡыргаразы рхы иадырхәоит, ари аиҧылара атехникатә ҟазшьа амоуп, адипломатиатә паспортқәа ирыдҳәаланы аӡбара адкылара иазкуп, – илҳәеит апартиа „Гахариа Қырҭтәылазы“ иалахәы Тата Хведелиани Бриуссель имҩаҧысраны иҟоу аиҧылара даналацәажәоз.

Лара лажәақәа рыла, апартиа  „Гахариа Қырҭтәылазы“ активла аус ауеит авизалиберализациа аҧкра атәылауаа ирыдымкьысларц азыҳәан.

„Атәыла анапхгара адәныҟатәи аполитика ииашамкәа имҩаҧыргоит, ҳтәылазы зҵакы дуу апартниорра шаанкылоу аабоит. Ҳәарада, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, ҳтәыла европатәи аҧеиҧш ашәарҭара иҭагылоуп.   Ҳпартиа активла аус ауеит авизалиберализациа аҧкра атәылауаа ирыдымкьысларц азыҳәан. Ҳара атәылеи амилаҭтә интересқәеи ирҿагыло аиҳабыра ҳамоуп, уи азы ақырҭуа жәлар рхьырхәра ҟалом. Ҳуааҧсыра аҧкрақәа рыдымкьыслароуп“, – илҳәеит Тата Хведелиани.