Тата Хведелиани – Гахариа аҧыза-министрс даныҟаз, Қырҭтәыла  "Ассоциациатә трио" атәылақәа рыбжьара аҧхьагылара аман, аха, уажәы атәыла шьҭахьҟацара иаҿуп, Еврокомиссиа аихшьаала уамашәа иубаратәы иҟам
Тата Хведелиани – Гахариа аҧыза-министрс даныҟаз, Қырҭтәыла  "Ассоциациатә трио" атәылақәа рыбжьара аҧхьагылара аман, аха, уажәы атәыла шьҭахьҟацара иаҿуп, Еврокомиссиа аихшьаала уамашәа иубаратәы иҟам

«Апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы», атәыла европатәи аҧеиҧш ахарџьла рымчреи ауаа ирцәырҕьычыз аҧареи рыхьчоит», — илҳәеит адепутат, апартиа  «Қырҭтәылазы» алахәыла  Тата Хведелиани Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аналҭоз.

Хведелиани лҳәамҭала, лара аҭагылазаашьа еиҕьхап ҳәа дгәыҕуам, избанзар, атәыла анапхгара агрессиатә политика нарыгӡоит.

«Аҳасабырба цәгьоуп, аха, уи уамашәа иубаратәы иҟам. Ҳәарада,  „Ақырҭуа гәахәтәы“ роуп уи азы аҭак зыҧхықәу.  2020 шықәсазы,  Гахариа аҧыза-министрс даныҟаз, Қырҭтәыла  “Ассоциациатә трио” атәылақәа рыбжьара аҧхьагылара аман, аха, уажәы атәыла шьҭахьҟацара иаҿуп. Уажәы Молдовеи Украинеи роуп аҧхьагылара змоу. Ҳара аҭагылазаашьа еиҕьхап ҳәа ҳгәыҕуам, избанзар, атәыла анапхгара агрессиатә политика нарыгӡоит. Дара атәыла аиҟәыҭхаразы ирылшо зегьы ҟарҵоит. Аха зегьы реиҳа ихадоу, дара атәыла европатәи аҧеиҧш ахарџьла рымчреи ауаа ирцәырҕьычыз аҧареи рыхьчоит», — илҳәеит  Тата Хведелиани.