Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара рашәара 9 рзы, ишиашо ицоз аефираҿ, апроект «Ашәаҳәара академиа» аконцерттә номер иадҳәаланы асоциалтә аҳаҿы аларҵәара зауз аинформациа иақәҿнаҭит. Аконцертә номер иалахәыз хәыҷык ишиашо ицоз аефираҿ игәы бзиамкәа дҟалеит.
Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭаразы ауаҩы иоуп зегьы реиҳа ихадоу, насгьы, ахәыҷқәа ҷыдала ҳрызныҟәоит. Ауаажәларратә дырраҭара ахәыҷтәы проектқәа рынагӡара аҧышәа ду амоуп, абри аҩыза апрограммақәа раан еснагь ашәарҭадара астандартқәа зегьы ихьчоуп.
Ҷыдала иазгәаҳҭар ҳҭахуп асоциалтә аҳаҿы аларҵәара зауз авидеоматериал ишиашо аефираҿ ишыҟамыз, ари анҵамҭа ҟаиҵеит усҟан астудиаҿы иҟаз аҭаацәа руаӡәы.
Аефирахь иҭыҵыз авидеоматериалқәеи астудиаҿы ишьақәыргылоу ацклаҧшратә камерақәеи ргәаҭара ишаҳнарбаз ала, Актәи аканал аусуҩцәа ари аинцидент рымбеит. Мамзар, зыҧшра ҟамҵакәа, иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟарҵон, ишиашо ицоз аефир аанкыларагьы уахь иналаҵаны.
Актәи аканал згәы бзиамхаз ахәыҷы иҭаацәеи апроект «Ашәаҳәара академиа» анапхгареи рҟны аимадара амоуп. Ахәыҷы игәабзиареи ишәарҭадареи ҳаналацәажәо, иарбанзаалак ателеефир, ма арадиоефир акгьы аҵанакуам. Убри аҟынтә, абри аҩыза афактқәа раан, Ауаажәларратә дырраҭара ахы мҩаҧнагоит ишьақәыргылоу апротокол инақәыршәаны, ахәыҷы иинтересқәа зегьы иазҧхьагәаҭаны.