Жәларбжьаратәи аудит Қырҭтәыла Актәи аканал афинанстә аҳасабырба иадҳәаланы иҟанаҵаз адазҳәазҵам аихшьаала бзиа 
Жәларбжьаратәи аудит Қырҭтәыла Актәи аканал афинанстә аҳасабырба иадҳәаланы иҟанаҵаз адазҳәазҵам аихшьаала бзиа 

Жәларбжьаратәи аудиттә еилахәыра  „Моор Вибиси“ Қырҭтәыла Актәи аканал 2025  шықәсатәи афинанстә аҳасабырба иадҳәаланы  адазҳәазҵам аихшьаала бзиа ҟанаҵеит.

Ари апроцесс иаҵанакуеит афинанстә аҳасабырбақәеи, аҳәынҭқарратә аахәарақәеи, ашәахтә аҳасабырбақәеи раудит.  Жәларбжьаратәи аудиттә аилахәыра абарҭ ахырхарҭақәа зегьы рыла аихшьаала бзиа ҟанаҵеит, аилагарак ма азакәанҧҵара ашьашәаламзаара аарҧшым.

„2025 шықәсазы Ауаажәларратә дырраҭаразы зҵакы дууз ахҭысқәа ҟалеит.  Ахыбра ҿыц аҿы раҧхьатәи ашықәс мҩаҧган. Акомплекстә процесс ҳахысит. Аҵыхтәантәи ашықәсқәа рзы имҩаҧгаз есышықәсатәи аудит аихшьаала бзиоуп, уи инақәыршәаны, игәарҭаз акомпонентқәа зегьы азакәани астандартқәеи ирышьашәалоуп. Ҳара ҳзы уи аҵакы ҷыда амоуп, избанзар, ахыбра ҿыц аргылареи уахь аиасреи апроцесс  есымшатә ҳусура иеиҧшымыз акомпетенциа ду аҭахын“, – илҳәеит Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Қырҭтәыла азакәан инақәыршәаны, аудит аихшьаала апарламентахь идәықәырҵоит. Азакәанҧҵаратә орган ари аихшьаалеи Ауаажәларратә дырраҭара аусура иазку есышықәсатәи аҳасабырбеи еицахәаҧшуеит.