Қарҭ ахада иҭыҧаз акандидатцәа рдебатқәа Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы
Қарҭ ахада иҭыҧаз акандидатцәа рдебатқәа Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы

Қарҭ ахада иҭыҧаз акандидатцәа рдебатқәа Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы

 

Актәи аканал аҿы  2025 шықәсатәи амуниципалтә алхрақәа ирылахәу  алхратә субиектқәа  рҟынтә Қарҭ ахада иҭыҧаз акандидатцәа рдебатқәа мҩаҧган.

Адебатқәа ирылахәын абарҭ акандидатцәа:

«Абызшәа, Аҧсадгьыл,  Адинхаҵара» – Ҭемур Бокелаваӡе  (алхратә номер  1);

«Аконсерваторцәа Қырҭтәылазы» – Зураб Махараӡе (алхратә номер  3);

«Зхы иақәиҭу Қырҭтәыла» – Каха Кукава (алхратә номер  7);

«Апатриотцәа ралианс» – Оҭар Ҷиҭанава (алхратә номер  8);

«Қырҭтәыла ҕәҕәа азы  – Лело» – Иракли  Купраӡе (алхратә номер  9);

«Қырҭтәыла» – Гьаргь  Лилуашвили (алхратә номер  11);

«Аеҵәақәа рпартиа» – Гьаргь  Гачечилаӡе  (алхратә номер  12);

«Гирчи» – Иаго  Хвичиа (алхратә номер  36);

«Ақырҭуа гәахәтәы» – Каха Калаӡе (алхратә номер  41).

Адебатқәа мҩаҧган асурдоаиҭагара ала. Ишиашо атранслиациа ицон  «Қырҭтәыла Арадиои» Актәи аканал  онлаин-платформақәеи рҿы.  Алхраҧхьатәи дебатқәа мҩаҧган жәларбжьаратәи астандартқәеи Ауаажәларратә дырраҭара апринципқәеи  ирышьашәаланы.