Урсула фон дер Леиен: Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара адәыӷбатә мҩақәа раартра ԥхьаҟатәи ашьаҿа дууп
Урсула фон дер Леиен: Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара адәыӷбатә мҩақәа раартра ԥхьаҟатәи ашьаҿа дууп

“Европа ӷәӷәала Ермантәыла иадгылоуп. Ҳара ЕС ацхырааратә пакет ҳархиоит. Уи 50 миллион евро инареиҳаны зыхәҭоу иаразнактәи афинансттә цхыраара аҵанакуеит. Уи зегьы акәӡам”, – ҳәа аҳәамҭаҿы иазгәалҭеит Европатәи Акомиссиа ахада Урсула фон дер Леиен.

Лара иазгәалҭеит, аамҭа кьаҿк иалагӡаны Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан ҭелла дышиацәажәаз, Урыстәыла Ермантәыла иақәнаргылаз аԥкрақәа рылацәажәаразы.

Европатәи Акомиссиа ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит Москва Ереван аекономикатә қәыӷәӷәара шыҟанаҵо.

“Сара аԥыза-министр Никол Пашиниан сиацәажәеит ааигәа Урыстәыла Ермантәыла иақәнаргылаз аԥкрақәа рзы. Ари аекономикатә қәыӷәӷәара ауп, насгьы уи ақәшаҳаҭхара залшом. Аермантә аалыҵ аекспорт аԥкрақәа рыларҵәарала, Москва аекономикатә еизыҟазаашьақәа аполитикатә қәыӷәӷәара амыруга аҳасабала ахы иархәоит. Ҳара ари асценарио ибзианы иаҳдыруеит.

Убри азоуп Европа ӷәӷәала Ермантәыла изадгылоу. Ҳара Европатәи Аидгыла ацхырааратә пакет еиқәҳаршәоит. Уахь иаҵанакуеит иаразнактәи афинансттә цхыраара, зегьы еизакны 50 миллион евро инареиҳаны. Уи мацарагьы акәӡам.

Апакет иаҵанакуеит еиуеиԥшым аермантә аалыҵқәа, ҷыдала ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рыҭира арманшәалара, иара убасгьы ашәҭаӡара еиԥш иҟоу аусхкқәа рзы апрактикатә дгылара, Урыстәыла аамҭа кьаҿк иалагӡаны Ермантәылантәи ашәҭқәа раагара ахьԥкыз инамаданы.

Уаҵәы Латвиаҟа 10 нызқь ашәҭқәа раагара азԥхьагәаҭоуп. Уи адагьы, Ереван имҩаԥысуаз иҳаҩсыз асаммит аҿы иҳадаҳкылаз аҭакԥхықәрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳнаплакқәа рыбжьара аимадара арӷәӷәара ҳаҿуп.

2024 ашықәс инаркны, Аиқәырхареи аизҳареи рплан апрограмма инақәыршәаны ЕС иҟанаҵо адгылара 7000 анаплакқәа ирыцхрааит, 20000 инареиҳаны аусуратә ҭыԥқәа аԥнаҵеит. “Ермантәыла абаҩхатәреи, аинновациақәеи, алшарақәеи ахьеизо ҭыԥуп. Уи Европатәи абизнес азы акыр зҵазкуа платформауп”, – ҳәа азгәалҭеит Урсула фон дер Леиен.

Уи, иара убас, Аахыҵ-Кавказтәи арегион иамоу аҵакы инаҵшьны иазгәалҭеит, арегион аҿы атранспорттә маршрутқәа раартра, Қырҭтәыла злахәугьы уахь иналаҵаны, ԥхьаҟатәи шьаҿа дуны ишыҟоу.

Лара лажәақәа рыла, Ереван Европеи, Аахыҵ Кавкази, Абжьаратәи Азиеи реимадаратә хабны аҟаларазы алшара амоуп.

Аамҭа кьаҿк иалагӡаны Ҭырқәтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара адәыӷбатә мҩақәа рыбжьаҵара ԥхьаҟатәи ашьаҿа бзиоуп.

Ҳара ҳазхиоуп аинфраструктурақәеи аҳәаахыҵырҭақәеи рыҿиара адгылара аҭара, арегионалтә еимадара ҩаԥхьа ианалагалак. Ииунь мза 23 азы имҩаԥысраны иҟоу Аимадаратә Платформа аминистрцәа реилатәараҿы ари ахырхарҭақәа рынагӡара ҳҿаԥхьа иқәҳаргылоит.

Ихырҳагоу акоординациа аиҿкааразы, ҳара ҳақәшаҳаҭхеит ЕС-Ермантәыла еицырзеиԥшу аусуратә гәыԥ аԥҵара. Лара ԥхьаҟа абарҭ аинициативақәа зегьы рынагӡареи уи иашьҭанеиуа аусмҩаԥгатәқәеи рхылаԥшра мҩаԥылгоит», – азгәалҭеит Урсула фон дер Леиен.