Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәамҭа
Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәамҭа

Ҧшьымз ҵуеит атәылаҿ имҩаҧысуа аполитикатә хҭысқәа еицтәараны, еиуеиҧшым аполитикатәи атәылауаҩратәи гәыҧқәа Ауаажәларратә дырраҭара иаҿагыланы,  хықәкыла адискредитациатә кампаниа мҩаҧыргоижьҭеи.

Дара, иқәгыланы, аргама Ауаажәларратә дырраҭара аусушьа иадҳәаланы, адырраҭара ахьӡ лазырҟәо, изакәызаалак шьаҭак зҵам аҳәамҭақәа ҟарҵоит, ииашам аинформациа аладырҵәоит.

Зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны, Ауаажәларратә дырраҭара аусзуҩцәа, еиуеиҧшым аформақәа рыла  ишрықәыҕәҕәозгьы, раҳаҭыр шыладырҟәозгьы,  рзанааҭтә ҧхықәрақәа нарыгӡон.

Ауаажәларратә дырраҭара ахыбра аҧхьа имҩаҧысуа апротесттә акциақәа ирылахәы Ауаажәларратә дырраҭара аусзуҩцәа рыхәҭак изныкымкәа аџьаустә аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа еиларгеит.  Дара, аргама иҟарҵо аҳәамҭақәа рыла Ауаажәларратә дырраҭара ииашамкәа ахарадҵарақәа азықәдыргылоит, амедиахархәага ахьӡ ладырҟәоит, Ауаажәларратә дырраҭарахь агәрагара дырмаҷуеит. Абри зегьы ақәҿыҭрада изаанхом.

Ауаажәларратә дырраҭара аменеџьмент Қырҭтәыла азакәан иақәныҟәоит,  аӡәы ихьыҧшымкәа аус руеит. Аӡбарақәа зегьы рыдыркылоит ари аиҿкаара аҵаки, амиссиеи, ахықәкқәеи, араҟа аус зуа ауааҧсыра рзинқәеи ринтересқәеи иазҧхьагәаҭаны.

Азакәан инақәыршәаны, Ауаажәларратә дырраҭараҿы анапхгаратә 2 органк иҟоуп  – Ахылаҧшратә хеилаки агенералтә директори.  Ахылаҧшратә хеилак аусуратә аиҧылараҿы аиуристтә маҵзура имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа рылҵшәақәа ирыхәаҧшит. Урҭ рҟны Ауаажәларратә дырраҭара иазықәдыргыло ахарадҵарақәа рзы ашьаҭа аарҧшым, Ахылаҧшратә хеилак алахәылацәа  ргәаанагарақәа абжьагаратә  ҟазшьа рымоуп.

Уажәазы имҩаҧысуа апроцессқәа ирыдҳәаланы аӡбарақәа рыдыркылоит Ауаажәларратә дырраҭара аменеџьмент мацара, анҭыҵынтә иарбанзаалак структурак аҽалархәрада,  Қырҭтәыла аџьаустә закәани  жәларбжьаратәи амедиастандартқәа ирышьашәалоу Ауаажәларратә дырраҭара аҩныҵҟатәи арегулиациақәа рыла иазҧхьагәаҭоу аҧҟарақәеи рышьаҭала.