Ҭамар Иоселиани – Бухарест Қарҭи Евроеидгылеи еимыздо 42-тәи хырхарҭахоит, ҳара аџьармыкьа адиверсификациазы аусура ду мҩаҧаагоит  
Ҭамар Иоселиани – Бухарест Қарҭи Евроеидгылеи еимыздо 42-тәи хырхарҭахоит, ҳара аџьармыкьа адиверсификациазы аусура ду мҩаҧаагоит  

 

Ҳара аџьармыкьа адиверсификациеи ақырҭуа авиациатә қәыҧшыларашҟа авиаеилахәыра ҿыцқәа рыдаҧхьалареи азы аусура ду мҩаҧаагоит.   Бухарест Қарҭи Евроеидгылеи еимыздо 42-тәи хырхарҭахоит,  – илҳәеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Иоселиани ақырҭуа џьармыкьа европатәи авиаеилахәыра ҿыц алалара иадҳәаланы.

Лара лажәақәа рыла, Dan Air – атәыла авиациатә џьармыкьаҿ аус зуа  50-тәи авиаеилахәырахоит.

„Ҧхынгәы 1 инаркны ақырҭуа авиаџьармыкьаҿ аҳаиртә цәаҳәа ҿыц аусура иалагоит. Румынтәылатәи авиеилахәыра  Dan Air  Бухарест-Қарҭ-Бухарест ахырхарҭала ареисқәа мҩаҧнагоит.  Dan Air –  50-тәи, иара убас, 17-тәи европатәи авиеилахәыроуп ақырҭуа авиаџьармыкьаҿ аус зуа. Ҳара аџьармыкьа адиверсификациеи ақырҭуа авиациатә қәыҧшыларашҟа авиаеилахәыра ҿыцқәа рыдаҧхьалареи азы аусура ду мҩаҧаагоит.   Бухарест Қарҭи Евроеидгылеи еимыздо 42-тәи хырхарҭахоит“, – илҳәеит Ҭамар Иоселиани.