Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Ҭамар Иоселиани Европеи Евразиеи аусқәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент абиуро ахаҭарнак Ритер Андреоли Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза апроект шымҩаҧысуа идлырдырит.
Аминистрра адыррақәа рыла, америкатә делегациа алахәылацәа бельгиатәи аилахәыра Jan De Nul аҭыҧаҿы инанагӡо аргыларатәи амобилизациатәи усурақәа шымҩаҧысуа рбеит.
«Аминистр ихаҭыҧуаҩ апроект анагӡара аетапқәа дрылацәажәан, иаҵшьны иазгәалҭеит ари апроект астратегиатә ҵакы шамоу», — иануп Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра аинформациаҿы.