Амедиа адыррала, Евроеидгыла ари аиҿкаара иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Китаинтә инеиуа апассаџьырцәа рҟны „ковид-19“ азы атестирра зыршҳаҭуа адокумент гәарҭаларц  
Амедиа адыррала, Евроеидгыла ари аиҿкаара иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Китаинтә инеиуа апассаџьырцәа рҟны „ковид-19“ азы атестирра зыршҳаҭуа адокумент гәарҭаларц  

 

Евроеидгыла ари аиҿкаара иалоу атәылақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит Китаинтә инеиуа апассаџьырцәа рҟны  „ковид-19“ азы атестирра зыршҳаҭуа адокумент гәарҭаларц.

Ари аинформациа аланарҵәеит  „Еврониус“.

Аинформациа инақәыршәаны, акоронавирус азы атест ҟаҵазароуп аҧырранӡа  48 сааҭ еиҳамкәа ишагу.

„Еврониус“ ишану ала,  ари аӡбара аиуристтә мчы амам.  Аӡбара здызкылаз  Евроеидгыла  „Аинтеграциа зызу аполитикатә кризис ақәҿыҭра  (IPCR)“ агәыҧ –   27  ҳәынҭқарра рыбжьара акризисқәа рхылаҧшра иацхраауа органуп.

Амедиа адыррала,  Евроеидгылаҿ ишеиқәшаҳаҭхаз ала,  Китаинтә Евроеидгыла ахырхарҭала идәықәло ареисқәа зегьы рпассаџьырцәа асабрадақәа ма ареспираторқәа рҿазароуп. Иара убас, Евроеидгыла атәылақәа,  Китаинтә иаауа апассажьыцәа  „машәырлатәи атестирра“ рзымҩаҧыргалароуп.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаараҿы ишаарыцҳаз ала, иҳаҩсыз амза аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Китаи акоронавирус амшала иҧсит 242ҩык.