Агәабзиарахьчара аминистрра - Арегионқәа ирықәынхо, агәы амалыр ачымазара змоу ахәыҷқәа, иаҭаххар, Женеватәи ауниверситеттә госпиталь аҿы рхәышәтәразы аҧара рзоурыжьҭуеит
Арегионқәа ирықәынхо, агәы амалыр ачымазара змоу ахәыҷқәа, иаҭаххар, Женеватәи ауниверситеттә госпиталь аҿы рхәышәтәразы аҧара рзоурыжьҭуеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, 2026 шықәса инаркны, аҳәынҭқарратә программа „Арефералтә маҵзура“ аҳәаақәа ирҭагӡаны, иашьашәалоу амедицинатә комиссиеи ари аусхкы аспециалистцәеи рыбжьагара ашьаҭала, уажәазы Қырҭтәыла зыҟаҵара ҟамло аоперациақәа аҳәаанырцә рыҟаҵаразы аҧара рзоурыжьҭуеит.
„Ахәышәтәра мҩаҧгахоит Женеватәи ауниверситеттә госпиталь аҿы, иашьашәалоу аквалификациа змоу амедицинатә персонал рҽалархәрала.
Ари азҵаара иадҳәаланы, агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе Швеицариа аус зуа ахәыҷтәы кардиохирург, Женеватәи ауниверситеттә клиника ахәыҷтәы кардиохирургиа аҟәша амедицинатә напхгаҩы Ҭорнике Солоҕашвили диҧылеит. Дара ахәыҷтәы кардиохирургиа ахырхарҭала жәларбжьаратәи аусеицура аҵакы иалацәажәеит.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, ари апрограмма 2022 шықәса инаркны Қарҭ қәҿиарала аус ауеит, убри аҟынтә, атәыла зехьынџьара ари апрограмма аларҵәара рыӡбеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәагьы ирылацәажәеит. Аиҧылара лхы алалырхәит агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Ирина Ҵақаӡе“, – иануп Агәабзиарахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.