Русҭави, ахҵәацәа рзы ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашалоу анхарҭатә комплекс аргылара иаҿуп, – ари аинформациа аланарҵәеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, ари акомплекс аҿы анхарҭақәа роуеит 800 ихҵәоу аҭаацәарақәа.
Зыӡбахәы ҳәоу апроект азы аҳәынҭқарратә биуџьет иалхуп 80 971 596 лари.
Аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, Ахҵәацәа русқәа рзы агентра ари акомплекс аҿы анхарҭа заур зҭаху ахҵәацәа рырзаҳалқәа ҭырҵаауеит. Азакәан инақәыршәаны, аҭаацәара цыҧхьаӡа заанаҵы абаллқәа ранаршьоит. Ахәшьараҭара апроцесс ашьҭахь, акомиссиа алахәылацәа ишьақәдыргылоит ари акомплекс аҿы анхарҭа аиуразы шаҟа абаллқәа аҭаххо.
Аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа гәарҭеит Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ихҵәоу ауааҧсыреи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә ахьчареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Цагареишвилии Ахҵәацәа русқәа рзы агентра адиректор Давиҭ Каикацишвилии.