Агәабзиарахьчара аминистрра – Атәылашҟа иаагоуп даниатәи аилахәыра Novo Nordisk иҭнажьуа ахәыҷтәы инсулини, 1 атип иаҵанакәа ашьақарчымазара змоу ахәыҷқәа рхәшәтәра ҟалоит апрепарат «Новорапид» ала
Атәылашҟа иаагоуп даниатәи аилахәыра Novo Nordisk иҭнажьуа ахәыҷтәы инсулини, 1 атип иаҵанакәа ашьақарчымазара змоу ахәыҷқәа рхәшәтәра ҟалоит апрепарат «Новорапид» ала. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтәи.
Аминистрра адыррақәа рыла, апациентцәа рхала ирыӡбар рылшоит — ҧасатәи асхема иазыхынҳәны «Новорапид» ахарәхара нарыгӡоу, мамзаргьы, уи аналог, афранцыз еилахәыра Sanofi Aventis иҭнажьуа «Апидра» ахархәара иалагоу. Абри аҩыза алхра ҟарҵар рылшоит аханатәгьы «Апидра» зхы иазырхәоз апациентцәа.
Агәабзиарахьчара аминистр ишиҳәаз ала, дара ирылшоз зегьы ҟарҵеит «Новорапид» излауа ала ирласны атәылашҟа иаагазарц азыҳәан.
Михаил Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, наҟ-наҟ абри аҩыза апроблемақәа ҟамларцаз, аилахәыра Novo Nordisk аҟны аимадара нарыгӡоит.