Агәабзиарахьчара аминистрра социалла ихьчам ахәыҷқәа ирызку адыррақәа рбаза агәаҭара иалагоит 
Агәабзиарахьчара аминистрра социалла ихьчам ахәыҷқәа ирызку адыррақәа рбаза агәаҭара иалагоит 

«Агәабзиарахьчара аминистрра социалла ихьчам ахәыҷқәа ирызку адыррақәа рбаза агәаҭара иалагоит», — иҳәеит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр  Михаил Сарџьвелаӡе.

Иара иажәақәа рыла, уаҳа асоциалтә цхыраара зҭахым аҭаацәарақәа уажәгьы ари абаза иануп.

«Иахьазы социалла ихьчам ахәыҷқәа рбаза иануп, асоциалтә цхыраарагьы роуеит  185 нызқь иреиҳаны аҭаацәарақәа, зынӡа абри аҩыза  710 000ҩык иҟоуп.  Зынӡа абаза иҭагалоуп  400 нызқь аҭаацәарақәа, урҭ реиҳара асоциалтә цхыраарароуам, избанзар, азакәанҧҵарала иазҧхьагәаҭоу еиуеиҧшым азинҷыдақәа рхы иадырхәоит.

Лассы-лассы џьоукы ламысда ари абаза рхы иадырхәоит. Иаҳҳәап, иахьазы, асоциалтә цхыраара зауа аҭаацәарақәак аҵыхәтәантәи хымз рыла жәабала нызқь лари ахашәала роуит, мамзаргьы, зыхә дуу амашьынақәа аархәеит. Уи еиҧш иҟоу аҭаацәарақәа маҷым», — иҳәеит  Михаил Сарџьвелаӡе.