Агәабзиарахьчара аминистрра  - Анерв-ажьышәтә чымазара змоу адуцәагьы ахәыҷқәагьы аҭҵааратәи,   астационартәи, амбулаториатәи ацхыраара роурц азыҳәан  аусура наҳагӡоит 
Агәабзиарахьчара аминистрра  - Анерв-ажьышәтә чымазара змоу адуцәагьы ахәыҷқәагьы аҭҵааратәи,   астационартәи, амбулаториатәи ацхыраара роурц азыҳәан  аусура наҳагӡоит 

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа инақәыршәаны,  аминистрра, анерв-ажьышәтә чымазарақәа змоу адуцәагьы ахәыҷқәагьы аҭҵааратәи,   астационартәи, амбулаториатәи ацхыраара роурц азыҳәан  аусура нанагӡоит.

Ари азҵаара иадҳәаланы,  агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡеи ихаҭыҧуаҩ Ҭеа Георгаӡеи ари апрограмма зҽалазырхәыр зҭаху аҳақьымцәеи аклиникақәа рнапхгаҩцәеи ирҧылеит.

Аминистр иҳәамҭала,  зыӡбахәы ҳәоу ачымазарақәа рхәышәтәра ахадаратә акомпонентқәа иреиуп ахәышәтәра амониторинг. Иара иажәақәа рыла,  аҿыцҧшьгарақәа аларҵәара анроулак,  апациентцәа дара ирҭаху амаҵзурақәа зегьы роуеит,  ргәабзиара ахылаҧшра апроцесс иаҳа еиҕьхоит.

Аминистрра адыррақәа рыла,  апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны,  апациентцәа,  аневрологи,  акардиологи,  апульмонологи,  аендокринологи,  агасроентерологи,  ортопеди рҟны  аконсультуциақәа ирхысыр рылшоит,  иара убас,  аклиника-лабораториатә гәаҭарақәа ирхысуеит.