Имаҷу азанааҭқәа рзы аусуратә ҧышәеи аклиникатә ҧышәеи змоу аҳақьым еиҵбацәа аҳәынҭқарратә аттестациатә аҧышәа аҭира алшара рымоуп
«Еиуеиҧшым амзызқәа рымшала аординатура апрограмма изахымсыз, аха, иашьашәалоу апрактикатә усура аҧышәа змоу аҳақьым еиҵбацәа алшара ҿыц рымоуп. Дара, рхала амедицинатә практика амҩаҧгара алшара рызҭо аттестациатә аҧышәа рҭиир рылшоит», — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе.
Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, имаҷу азанааҭқәа рзы аус зуа, адиплом ашьҭахьтәи аквалификациатә аҧышәа зҭихьоу, аординатура апрограммаҿы иарбоу аҿҳәара иалагӡаны аклиникаҿ аус зуа аҳақьым еиҵбацәа, 2026 шықәса жьҭаара 1-нӡа аҳәынҭқарратә аттестациатә аҧышәа иҭины, рхала амедицинатә практика амҩаҧгара иалагар рылшоит.
Агәабзиарахьчара аминистрра имаҷу азанааҭқәа рсиа цәырнагеит:
«Апсихиатриа; арадиациатә онкологиа; ахәыҷтәы агастроентерологиа; апатологиатә анатомиа — аклиникатә патологиа; аиадертә медицина; акардиохирургиа; анеирохирургиа; анестезиологиеи ареаниматологиеи; анефрологиа; амедицинатә цхыраара лас; ахәыҷтәы амедицинатә цхыраара лас; ахәыҷтәы аинфекциатә чымазарақәа; ахәыҷтәы фтизиатриа-апульмонологиа; ахәыҷтәы гематологиа/атрансфузиологиа; апластикатәи ареконструктивтәи хирургиа; афизиотерапиа, аиҭашьақәыргылареи акурорттә хәышәтәреи; аревматологиа; аӡбаратә медицина».