Агәабзиарахьчара аминистрра - Фымз еиҳаны аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма ахархәара рылымшоушәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам
Агәабзиарахьчара аминистрра 2025 шықәса ҧхынҷкәын 31 рзы аминистр иҟаиҵаз адҵа иадҳәаланы аилыркаарақәа ҟанаҵеит.
Аминистрра аинформациа ишану ала, фымз еиҳаны аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма ахархәара рылымшоушәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам. Зыӡбахәы ҳәоу адҵа азеиҧш агәабзиарахьчара иадкьыслом, хырҧашьа змам амбулаториатәи астционартәии асервисқәагьы уахь инрылаҵаны.
Иара убас, аминистрра аинформациа ишану ала, аҳәаанырцә иҟаз Қырҭтәыла атәылауаҩ атәылашҟа даныхынҳәлак, уадаҩрада, амбулаториатә усбарҭаҿы арегистрациа дахысны, амаҵзурақәа зегьы ихы иаирхәар илшоит.
Убри адагьы, аинформациа ишану ала, зыӡбахәы ҳәоу адҵа хықәкыс иамоуп зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма арҕәҕәареи, хықәкылатәи ахарџьқәа рырмаҷреи, атәылауаа ринтересқәа рыхьчареи.