Атәыла зехьынџьара асезонтә грипп аҽацәыхьчаратә хәыҧсадатәи авакцинациа иалагеит
Атәыла зехьынџьара асезонтә грипп аҽацәыхьчаратә хәыҧсадатәи авакцинациа иалагеит. Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аиммунизациа аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аанахәит 200 000 адозақәа афранцызтә 4 компонентктәи авакцина VaxigripTetra (аҭыжьҩы — SANOFI WINTHROP INDUSTRIE).
«Авакцина уажәтәи асезон азы аларҵәара зауа авирус аштаммқәа рҽацәыхьчара иазкуп. Ачымазара лаҽқәа змоу ауааҧсыра хымҧада авакцинациа иахысроуп.
Ауаа алаҵа ҟарҵар рылшоит амедицинатә усбарҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы. Авакцинациа хәыҧсада имҩаҧысуеит», — иануп Агәабзиарахьчара аминистрра адырраҿы.