Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра агрипп асезон азы аҽазыҟанаҵоит, атәылаҿ бжеиҳарала аларҵәара амоуп авирус A/H3N2, 150 000ҩык алаҵақәа ҟарҵахьеит
Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра агрипп асезон азы аҽазыҟанаҵоит, атәылаҿ бжеиҳарала аларҵәара амоуп авирус A/H3N2, 150 000ҩык алаҵақәа ҟарҵахьеит
«Қырҭтәыла агрипп асезон: аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, авакцинациа активла инагӡоит», — иануп Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра иаланарҵәаз аинформациаҿы.
Аминистрра адыррақәа рыла, Қырҭтәыла агрипп асезон азы иазыҟаҵоуп.
«Уажәазы атәылаҿы, бжеиҳарала аларҵәара амоуп авирус A/H3N2. Ачымазара аҩны ахәшәтәра ҟалоит, аҳақьым ихылаҧшрала.
Авакцинациа апроцесс активла инагӡоит. 150 000ҩык раҟара алаҵақәа ҟарҵахьеит. Агәабзиарахьчара аминистрра иаанахәаз, 4 компонентк рыла ишьақәгылоу афранцыз факцина ауааҧсыра зегьы хәыҧсада иҟарҵар рылшоит.
Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, агәабзиарахьчаратә система агрипп асезон азы ихиоуп.