Урсула фон дер Лаиен - Иахьа Европа аҭоурых адаҟьа ҿыц Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи мраҭашәаратәи Балканқәеи рҿы ирыҩуеит
Урсула фон дер Лаиен - Иахьа Европа аҭоурых адаҟьа ҿыц Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи мраҭашәаратәи Балканқәеи рҿы ирыҩуеит

Иахьа Европа аҭоурых адаҟьа ҿыц Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи мраҭашәаратәи Балканқәеи рҿы ирыҩуеит, – илҳәеит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен.

“Ҳаиҿкаара аҭоурых адемократиа ҿыци ажәтә демократиеи рҭоурыхуп, урҭ еидгыланы иаҳа-иаҳа иӷәӷәхоит. Ари Германтәылеи Италиеи рҭоурыхуп, урҭ аибашьра ашьҭахь иҿыцны иит. Ари Испаниеи, Португалиеи, Бырзентәылеи рҭоурыхуп адиктатурантә адемократиа аҟынӡа. Ари “аихатә саԥар” аҭархара ашьҭахь аиҭаҿиара аҭоурыхуп. Иахьа Европа аҭоурых адаҟьа ҿыц Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи мраҭашәаратәи Балканқәеи рҿы ирыҩуеит”,- илҳәеит Еврокомиссиа ахада.

Урсула фон дер Лаиен ишазгәалҭаз ала, Евроеидгыла Украина адгылоит, ари ахьынӡаҭаххо нагӡахоит. Украина ахатә хақәиҭра амацара акәым,егьырҭ атәылақәа рхақәиҭрагьы азықәԥоит.