Урсула фон дер Лаиен  - Трамп итарифқәа  - адунеитә економиказы ааха дууп
Урсула фон дер Лаиен  - Трамп итарифқәа  - адунеитә економиказы ааха дууп

Еврокомиссиа ахантәаҩы  Урсула фон дер Лаиен лҳәамҭала,  Трамп итарифқәа  — адунеитә економиказы ааха дууп.

«Атарифқәа ирызкны Трамп иҟаиҵаз аҳәамҭа адунеитә економиказы ааха дууп. Ҳара ибзианы еилаҳкаароуп абри зегьы иахылҵуа: адунеитә економика азарал ду аиуеит, апротекционизм азҳара иалагоит. Адунеи зехьынџьара миллионҩыла ауааҧсыра апроблема дуқәа рызцәырҵуеит», — илҳәеит  фон дер Лаиен.

Лара Тармп итарифқәа ирыдҳәаланы  иҟарҵо  аҭактә шьаҿақәагьы дрылацәажәеит.

«Хымҧада иҟало алҵшәақәа рзы ҳҽазыҟаҳҵароуп. Ҳара иаҳзеиҧшу апозициа ҳамоуп: ҳара ҳҟынтә аӡәы шәиҿагылар, ҳазынтәгьы шәаҳҿагылоит. Акзаароуп ҳара мчыс иҳамоу», — илҳәеит Еврокомиссиа ахада.