Урсула фон дер Лаиен - Европа азы ахадара ду злоу мшқәоуп, Европа ахеилак амш аусхәаԥштә азҵаарақәа рыла ибеиоуп
Урсула фон дер Лаиен - Европа азы ахадара ду злоу мшқәоуп, Европа ахеилак амш аусхәаԥштә азҵаарақәа рыла ибеиоуп

Европа азы ахадара ду злоу мшқәоуп, Европа ахеилак амш аусхәаԥштә азҵаарақәа рыла ибеиоуп,  – илҳәеит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен Бриуссель Евроеидгыла имҩаԥнаго ҩымштәи асаммит иалагаанӡа.

Бриуссель иахьа иалаго асаммит аҿы Европа бџьарла аиҭеибыҭара аплани Украина арратә цхыраареи ирыхәаԥшуеит.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, асаммит анахаралатәи арежим ала ихы алаирхәоит Украина ахада Володимир Зеленски.

Аиԥылараҿ, иара убас, амиграциеи Ааигәа Мрагылараҿ иҟоу ахҭысқәеи ирыхәаԥшуеит.