Урсула фон дер Лаиен  - Хәажәкыразы Украина Евроеидгыла аҟынтә аиуеит  3,5 млрд евро ацхыраара
Урсула фон дер Лаиен  - Хәажәкыразы Украина Евроеидгыла аҟынтә аиуеит  3,5 млрд евро ацхыраара

«Хәажәкыразы Украина Евроеидгыла аҟынтә аиуеит  3,5 млрд евро ацхыраара», – илҳәеит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен Киев лвизитаан,  уаҟа лара Украина адгылара иазку жәларбжьаратәи асаммит далахәып.

«Европа абра иҟоуп зҵакы дуу аамҭазы Украина иаҳа арҕәҕәара амзызла.  Хәажәкыразы Украина Евроеидгыла аҟынтә  3,5 миллиард евро атранш ҿыц аиуеит. Ахада Кошта ишиҳәаз еиҧш, Европатәи ахеилак аилатәара ҷыда мҩаҧгахоит, уаҟа сара европатәи абџьар ааглыхреи ахыхьчаратә алшарақәеи рырҭбаара аплан цәырызгоит. Уи Украинагьы хырҳагара азаанагоит», – илҳәеит  Урсула фон дер Лаиен.

Еврокомиссиа ахада ишылҳәаз ала, Украина мацара акәымкәа, Европа зегьы аҧеиҧш ашәарҭара иҭагылоуп.

Иара убас, Урсула фон дер Лаиен ишазгәалҭаз ала,  Еврокомиссиа аенергетикатә шәарҭадара иазку амбициатә пакет ацәыргара ргәы иҭоуп,  ари апакет хықәкыс иамоуп Украиназы иҭышәынтәалоу,  ихьчоу,  аконкуренциа зылшо аенергетикатә система аҧҵара.

«Анеҩстәи ашықәс анҵәамҭанӡа ҳара Украинеи Молдовеи ренергетикатә џьармыкьа ҳара ҳџьармыкьашҟа аинтеграциа еиқәҳаршәоит. Ҳара украинатәи агазҵәахырҭақәа  рпотенциал инаӡаны ҳхы иаҳархәоит,  урҭ реиҳара Евроеидгыла атәылақәа рҳәаақәа ирзааигәаны иҟоуп. Уи абзоурала,  Украина ахашәала аиуеит. Ҳара Украина зырҿыцра ҟало аенергетика аҧара алаҳҵоит. Абри зегьы Украинагьы Евроеидгылагьы ренергетикатә шәарҭадара арҕәҕәоит», – илҳәеит Еврокомиссиа ахада.

Урсула фон дер Лаиен  Украина акыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргылара аҵакы дазааҭгылеит.

«Украинаа раасҭа иаҳа аҭынчра зҭаху аӡәгьы дыҟамзар ҟалап. Аха, акыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргылара ҟалоит амч мацарала. Убри азоуп шәекономика арҕәҕәара ҳзазҿлымҳау, шәыруаа иазыҟаҳҵоит, еибаҳҭоит. Насгьы, иахьа асанкциақәа  16-тәи апакет ҳадаҳкылоит. Ҳара Урыстәыла ҳаҿагыланы асанкциақәа ҳарҕәҕәоит, Урыстәыла акыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргылара шаҭаху аанарҧшаанӡа», – илҳәеит  Урсула фон дер Лаиен.