Урсула фон дер Лаиени  Антонио Коштеи Иран имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит  - Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи азин иақәныҟәаларц 
Урсула фон дер Лаиени  Антонио Коштеи Иран имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит  - Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи азин иақәныҟәаларц 

Еврокомиссиа ахантәаҩы Урсула фон дер Лаиени  Европатәи Ахеилак ахантәаҩы Антонио Коштеи Иран имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит.

Дара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи азин иақәныҟәаларц.

«Иран имҩаҧысуа ахҭысқәа даараӡа ҳаргәамҵуеит. Ҳара арегионаҿ ҳпартниорцәа рҟны аимадара ҕәҕәа ҳамоуп. Даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәар ҳҭахуп арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҳшадгыло. Аиадертә шәарҭадара аиқәыршәареи аескалациа зхылҵыр зылшо иарбанзаалак ахҭысқәа рҽацәыхьчареи зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп. Евроеидгыла ирантәи арежим асанкциақәа азышьақәнаргылеит, ҳара аиадертәи абаллистикатәи программақәа ирызку азҵаарақәа зегьы адипломатиатә мҩала, аиҿцәажәарақәа рыла рҭыҧқәҵара ҳазҿлымҳауп. Арегионаҿ иҟоу Евроеидгыла атәылауаа зегьы рыцхрааразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи азин иақәныҟәаларц», — иануп Еврокомиссиеи Европатәи Ахеилаки еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.