Роберт Фицо - Урсула фон дер Лаиен сааҭбжак агаӡа ҳәа сзылҳәон атарифқәа ирызкны Трамп иахьиацәажәаз азыҳәан  
Роберт Фицо - Урсула фон дер Лаиен сааҭбжак агаӡа ҳәа сзылҳәон атарифқәа ирызкны Трамп иахьиацәажәаз азыҳәан  

Словакиа аҧыза-министр  Роберт Фицо иҳәамҭала, Еврокомиссиа ахантәаҩы Урсула фон дер Лаиен сааҭбжак  агаӡа ҳәа изылҳәон. Фицо ари аҳәамҭа ҟаиҵеит апрессконференциаҿы, иара Урсула фон дер Лаиени иареи ҭелла реиҿцәажәара дахцәажәеит.

Фицо иажәақәа рыла, Трамп диацәажәон Америка Евроеидгыла иазышьақәнаргылаз атарифқәа ирызкны.

«Лара исалҳәеит: Ус зыҟауҵеи? Трамп иацәажәара узақәшаҳаҭхеи? Сааҭбжак дсацәҳауан, агаӡа ҳәа сзылҳәеит», — иҳәеит Фицо.

Иара убас, Фицо ишиҳәаз ала,  атарифтә проблемақәа рыӡбара наигӡоит, избанзар, игәаанагарала,  Америка ишьақәнаргылаз атарифқәа Словакиа автомобилтә ааглыхра даараӡа иаҧырхагахоит.