Роберт Фицо — Дональ Трампи Владимир Путини реиҧылара  алҵшәас иахылҵуазаалакгьы, Киев ауп зегьы реиҳа азарал зауа

Дональ Трампи Владимир Путини реиҧылара  алҵшәас иахылҵуазаалакгьы, Киев ауп зегьы реиҳа азарал зауа, — иҳәеит Словакиа аҧыза-министр  Роберт Фицо.

Фицо иажәақәа рыла, иааиуа амчыбжьқәа рзы иҽеим ахҭысқәа ҟалап ҟалап.

«Ажәытә африкатә ажәаҧҟа шәгәалашәома: асланқәа иҟарҵо зегьы дара роуп, аҳаскьынуп аҧхасҭа зауа. Нанҳәа 15 рзы дара еибырҳәо зегьы дара роуп, Украина уезгьы азарал аиуеит», — иҳәеит  Фицо.

Словакиа аҧыза-министр иҳәамҭала, зыҧшра ҟамҵакәа аибашьра аҟәыҵроуп зегьы реиҳа ихадоу.

«Убасҟан шәара лабҿаба ижәбоит  ишакәым ала Урыстәыла иахцәажәоз зегьы  ишыбнало. Абри атәыла дуӡӡа аҿы абиӡнес аҟаҵаразы еибарҩны алшарақәа ирышьҭазаауеит», — иҳәеит  Фицо.

Нанҳәа 15 рзы Америка ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини Аиаска еиҧылоит.