«Амилаҭтә ҵысра» адыррақәа рыла, Ҭина Бокучавеи  Урсула фон дер Лаиени аофициалтә ҩ-ганктәи аиҧылара мҩаҧыргеит
 «Амилаҭтә ҵысра» адыррақәа рыла, Ҭина Бокучавеи  Урсула фон дер Лаиени аофициалтә ҩ-ганктәи аиҧылара мҩаҧыргеит

Апартиа «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Ҭина Бокучавеи  Урсула фон дер Лаиени аофициалтә ҩ-ганктәи аиҧылара мҩаҧыргеит. Ари атәы аанацҳаит апартиа «Амилаҭтә ҵысра» апресс-маҵзура.

Адырра ишану ала, аиҧылара мҩаҧган Валенсиа, уаҟа Бокучава Европа жәлар рпартиа аизараду далахәын.

«Амилаҭтә ҵысра» апресс-маҵзура аинформациа инақәыршәаны, аиҧылараҿы Қырҭтәыла аҧеиҧши, ашәарҭадара азҵаарақәеи, евроатланатикатә структурақәа рҿы Қырҭтәыла алахәызаареи иалацәажәеит.

Ҭина Бокучава Қырҭтәыла ахҧатәи ахада Михаил Саакашвили зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәреи хара имгакәа зхы иақәиҭу, ииашоу апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгареи  ахымҧадарагьы далацәажәеит.