Украина аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага  - Михаил Саакашвили  аклиникаҿ ацхыраара бзиа аиура алшара имазароуп
Украина аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага  - Михаил Саакашвили  аклиникаҿ ацхыраара бзиа аиура алшара имазароуп

«Михаил Саакашвили  аклиникаҿ ацхыраара бзиа аиура алшара имазароуп», — иҳәеит Қырҭтәылаҿ Украина аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Алеқсандр Шульга ажурналистцәа данрацәажәоз.

«Ҳара украинатәи обмудсмен Михаил Саакашвили ибара азин ирҭарц аҳәара ҟаҳҵеит. Уажәгьы аҭак ҳмоуцт. Иарбанзаалак аофициалтә усбарҭа аҟынтә аҭак ҳмоуит. Ҳара агуманитартә акт амҩаҧгаразы ааҧхьара ҟаҳҵоит. Саакашвили аклиникаҿ ацхыраара бзиа аиура алшара имазароуп», — иҳәеит  Алеқсандр Шульга.