Владимир Зеленски – Иахьа иаартны исзыҳәом адунеи арбџьармчқәа, Украина шәааны шәеибашьы ҳәа
Владимир Зеленски – Иахьа иаартны исзыҳәом адунеи арбџьармчқәа, Украина шәааны шәеибашьы ҳәа

 

Украина ахада Владимир Зеленски игәаанагарала, аҳәаанырцәтәи аруаа Украина иааны украинатәи аруаа разыҟаҵареи арратә техника арҽеиреи рылшоит, аха, иара атәым аруаа аибашьразы Украинаҟа дызрыҧхьом.

«Ҳаҷкәынцәа ҳара ҳҿы разыҟаҵара. Уи аҳәаанырцәҟа рдәықәҵара аасҭа еиҕьуп ҳәа сгәы иаанагоит. Насгьы  – атенхника арҽеиратә центрқәа рыргылара, мраҭашәаратә техника зегьы Украина арҽеира ҳалшаратәы», – иҳәеит Зеленски.

Аха, аамҭакала, иара ишазгәеиҭаз ала, Украинаҟа арратә хәҭақәа рааҧхьара дазыхиам.

«Иахьа иаартны исзыҳәом адунеи арбџьармчқәа, Украина шәааны шәеибашьы ҳәа. Избанзар, Урыстәыла егьырҭ атәылақәа ирҿагылоит, ари аибашьрашҟа рыҷкәынцәа рәдәықәҵара ҟалом, уи дара реибашьра акәӡам ҳәа.  Нас, еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа еиҿанаргылоит. Урыстәыла иалшо зегьы ҟанаҵоит егьырҭ аҳәынҭқаррақәа иҳарҭо ацхыраара аанкыларазы», – иҳәеит  Зеленски.