Амилаҭтә банк – Авалиутатә фонд адыррақәа рыла, Қырҭтәыла амакроекономикатә напхгараҭара бзиа аекономика адедолларизациа иацхрааит
Аглобалтә проблемақәа шыҟоугьы, Қырҭтәыла амакроектномикатә ҭагылазаашьеи аекономикатә азҳареи ҭышәынтәалоуп, уи амакроекономикатә напхгараҭара бзиеи аекономикатә политика ииашеи ирыбзоуроуп, – иануп Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Анагӡаратә хеилак ицәырнагаз аҳасабырбаҿы, ари адокументаҿ Қырҭтәыла аекономика ахҳәаа ҟаҵоуп. Зыӡбахәы ҳәоу аҳасабырба аланарҵәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк.
Авалиутатә фонд аҳасабырбаҿы ишазгәаҭоу ала, аекономикатә политикаҿы аҧыжәара хада рымоуп аинфлиациа хықәкылатәи арбага ахьчареи, жәларбжьаратәи арезервқәа реизырҳареи, аструктуратә реформақәа рынагӡареи.
Авалиутатә фонд азҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны, 2026 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә 6.5 наӡынала иазҳауеит, аинфлиациа етапла имаҷхоит.
IMF адыррақәа рыла, 2025 шықәсазы, аҿҳәарабжьаратә шьаҭанкылатә факторқәеи аекономикатә политика бзиеи рыла иҳәаақәҵоу аҩаӡараҟны, Қырҭтәыла адәныҟатәи апозициа иаҳа иҕәҕәан.
„2025 шықәсазы уажәтәи аҳасабырба адефицит аҭоурыхтә минимум аҟынӡа илаҟәит. 2026 шықәса мшаҧы анҵәамҭаз жәларбжьаратәи авалиутатә резерв 6.4 миллиард адоллар иаҟарахеит“, – иануп Авалиутатә фонд адокумент аҿы.
Иара убас, Авалиутатә фонд аҳасабырба ишану ала, 2026 шықәсазы Қырҭәтыла аекономика азҳауеит 6.5%-ла, аинфлиациа арбага, етапла, имаҷхоит.
Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, аглобалтә проблемақәа шыҟоугьы, Қырҭтәыла амакроектномикатә ҭагылазаашьеи аекономикатә азҳареи ҭышәынтәалоуп, уи амакроекономикатә напхгараҭара бзиеи аекономикатә политика ииашеи ирыбзоуроуп.