Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Бриуссель Қырҭтәыла аделегациеи Еврокомиссиеи реиҧылараҿы ақырҭуа аган даҽазнык ишьақәдырҕҕәеит патуеиқәҵара ашьаҭала Евроеидгыла аус ацура ишазыхиоу
Бриуссель, авизатә диалог аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аделегациеи Еврокомиссиеи реиҧылара мҩаҧган.
Аминистрра адыррақәа рыла, адипломатиатә паспортқәа змоу ахаҿқәа аамҭала авизадатә режим рзаанкылара иазку аӡбара адкыларазы иҵаҵгәырку аргументқәа иҟамызт, ари аӡбара ииашамызт.
«Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла Аконституциеи амч змоу азакәанқәеи атәылауаа рхадаратә зинқәа рыхьчара шеиқәдыршәо, атәылаҿы иашьашәалоу амеханизмқәа аус шыруа.
Иара убас, ишазгәаҭаз ала, 2024 шықәсатәи апротестқәа амчыларатә ҟазшьа шрымазгьы, аҳәынҭқарратә институтқәеи азинхьчаратә органқәеи ржәылара аҽазкрақәа шыҟазшьы, азинхьчаратә органқәа русуҩцәа рыла имцхәны амч ахархәара афактқәа рзы аусеилыргара мҩаҧысуеит.
Уи адагьы ишазгәаҭаз ала, иалху азакәанҭҵаратә орган иаднакылаз азакәанқәа раҧыхра иазку аҳәара ашьаҭа аҵам, избанзар, арҭ азакәанқәа рыдыркылеит Қырҭтәыла амилаҭтәи ауаажәларратә интересқәа рыхьчаразы.
Аиҧылараҿы амиграциа ахылаҧшра аганахьала Қырҭтәыла иҟоу апрогресс иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ари ахырхарҭала Қырҭтәыла Евроеидгыла атәылақәа активла аус рыцнауеит.
Аусуратә гәыҧ алахәылацәа ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгылаҟны авизатә либерализациа апроцесс аҭышәынтәалара аиқәыршәара иазку апрактикатә зҵаарақәа аус рыдулара нарыгӡоит. Ақырҭуа аган даҽазнык ишьақәдырҕҕәеит патуеиқәҵара ашьаҭала Евроеидгыла аус ацура ишазыхиоу, иҳараку аҩаӡараҟны аполитикатә диалог амҩаҧгара аҵакы ду шамоу», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.