Владимир Зеленски Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟаиҵеит урыстәылатәи адронқәеи аракетақәеи рааглыхратә индустриа асанкциақәа азышьақәдыргыларц
Владимир Зеленски Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟаиҵеит урыстәылатәи адронқәеи аракетақәеи рааглыхратә индустриа асанкциақәа азышьақәдыргыларц

Украина ахада Владимир Зеленски Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟаиҵеит урыстәылатәи адронқәеи аракетақәеи рааглыхратә индустриа асанкциақәа азышьақәдыргыларц.

Ари атәы Владимир Зеленски Евроеидгыла асаммит ашьҭахь Европа ахеилак ахада Шарль Мишели Еврокомиссиа ахада  Урсула фон дер Лаиени еицмҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы ааицҳаит.

“Европа ахеилак аиԥылара схы аласырхәит. Ари аиԥылара ашәқәа ркны мҩаԥысит, аха Европа алидерцәа ргәалаҟазаара атәы шәасҳәар сҭахуп. Алиедрцәа руаӡәы иазгәеиҭеит Европаҿ зыҿҳәара наӡоу аҭынчра шьақәгылоит Украина аиааира анаго, Евроеидгыла аналало ашьҭахь мацара ҳәа. Ари акзаара аиҿкаара ҳара иҳалшеит. Ари акзаараан Евроеидгыла Украина аиааиран агаранӡа адгылоиот, Украина Евроеидгыла алалгиот”,- иҳәеит Зеленски.