Вахтанг Гомелаури – Жәларбжьаратәи апартниорцәа акыршықәсатәи адгылареи, аусеицуреи, апартниорра ҕәҕәеи азы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп
Вахтанг Гомелаури – Жәларбжьаратәи апартниорцәа акыршықәсатәи адгылареи, аусеицуреи, апартниорра ҕәҕәеи азы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп

«Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рыцхыраара акәымзҭгьы, ҳминистрра аҿиаразы зҵакы дуу апроектқәа рымҩаҧгара ҳцәыуадаҩхон», — иҳәеит Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури Аполициа аусзуҩ имш инамаданы имҩаҧгаз аныҳәатә уснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Вахтанг Гомелаури  жәларбжьартәи апартниорцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит адгылареи аусеицуреи азыҳәан.

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра евроатлантикатә структурақәа рахь аинтеграциа амзызла Қырҭтәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нанагӡоит. Ҳара, ари аусбарҭа аинституциатә арҕәҕәара амзызла, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа активла аус рыцаауеит. Ҳара акыршықәса рыҩныҵҟа қәҿиарала аус еицаауеит. Дара  иахьатәи ауснагӡатәгьы иалахәып. Жәларбжьаратәи апартниорцәа, хаҭала сареи,  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Қырҭтәыла аполициеи ҳахьӡала,  акыршықәсатәи адгылареи, аусеицуреи, апартниорра ҕәҕәеи азы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп», — иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.